8 Sept 2023

Николаи Аркади-иҧа Измаилов (1907-1961)

 


Николаи Аркади-иҧа Измаилов динт 1907 шықуса, ииун 22 азы, Акуа ақалақь аҟны жәлар ручилишьчеҟуа ринспектор иҭаацәараҿы. Дышқуҧшыз иаб даниҧха. 
13 шықуса шихыԥуаз аџьатә усура даламгар ада ҧсыхуа имоуит.

1928 шықусазы дҭалауеит Харковтән Аҳәынҭқарратә Университет апаукатә-енлкааратә институт, қуҿнаралагьы далгауеит 1931 шыкусазы. Аспирантура даналга ашьҭахь, иара убри аинститут аҟны даанрыжьит наукатә уеазуҩыс.

Николаи Аркади-иҧа аҧхьаӡатәи инаукатәусумҭа адсорбент ҧуҧуақуа рыла адсорбциа аҭҵаара иазкын. 
Абри ахырхарҭала иусумҭақуа руак аҟны, Николаи Аркади-иҧа зегьраҧхьаӡа ирабжьенгеит ахушә маҭәарқуа анализ рзыҟаҵара аметод ҿыц, уажәы ақуҧшылараҿы ахроматографиа ҳәа изышьҭоу. Убри аамҭазы уи интересс ишьҭихит иӡым арӡыҭқуа, уи аус иагьирҧсыҽуамызт 
Николаи Аркади-иҧа иҧсахьынӡаҭазгьы.

Николаи Аркади-иҧа идоктортә диссертациа аҧҟара хадакуа ҧхьаҟа ирҿиеит иара инаукатә усурала.

Николаи Аркади-иҧа eгьирҭ аусзуҩцәа ицырхырааны иҟаиҵеит арӡҭқуа физико-химиала анализ рзыкаҵара аметод, иара арӡҭыга ахаҭa аказшьақуа иамоу ихы иархуаны. Абри аметод иалнаршауеит арӡҭ акны хаз игоу аҳуҭа хуҷқуа ҟазшьас ирымоу аилкаара. Абарҭ иусумҭакуа иалдыршауеит афизико-химиатә анализ ҧхьака акырӡа арҿиара.
Николаи Аркади-иҧа иара аус ицызуази ахшыҩзышьҭра ду арҭауан иӡым арӡҭыгақуа рҿы аелектродтә системақуа реилкаара. Хуҭакахьалагьы, Николаи Аркади-иҧа иоуп аҧхьаӡа иаҧызҵаз асаркьатә електркуа ахрархуара. Николаи Аркади-иԥа Измаилов иҟаиҵеит асаркьатә електродкуа ирылшауа атеориа, иагьиҧшааит аҵәҵәырақуа рҟны урҭ аелектродкуа арха ирыхьуа зыхҟьауа.

Атеориатәи аексперименталтәи еилкааракуа имҩаҧигаз рышьҭала , Николаи Аркади-иԥа аҧхьа иаҧиҵент арӡҭыгакуа аҵәҵәырақуа ишырныруа иакыу атеориа . Аселектролитқуа рдиссоциациа иакыу атеориа— арӡҭқуа рзы анаукаҿы аҵыхутәантәи ашықусқуа рыла иалыршоу иреихаӡоу ақуҿирақуа ируакыуп.

1959 шықусазы Николаи Аркади-иҧа иҭижьит амонографиатә курс «Арӡҭқуа релектохимиа». Абри амонографиа аҟны Николаи Аркади-иҧа дахцәажент aелектролитқуа ртеориа уажәтәи аамҭазтәи аҭагылазаашьа, иагьыҟаиҵеит аелектролитқуа рымч арӡҭгақуа шаныруа азы иара итеориа.

1960 шыкусазы СССР Анаукақуа ракадемиа Апрезидиум Н. А. Измаилов инаҭеит Д. И. Менделеев ихьӡ зхыу апремиа «Арӡҭқуа релектрохимиа» хәа ашәҟу иҭижьыз азы.
Уажәы «Арӡҭқуа релектрохимиа» немецбызшәалеи англызбызшәалеи еиҭаргауеит.
Иҧеҭазаара аҵыхутәантәи ашыкусқуа раан, Николаи Аркади-иҧа ахшыҩзышьҭра ду адиҵауан аионкуа рсольватациа апроблема —арӡҭқуа релектрохимиа апроблема шьаҭақуа ируакыу. Асольватациа апроблема иадҳәалоу азҵаатәқуа реилыргара аан, Николаи Аркади-иҧа еснагь иҳәауан ахимиатә мчкуа ахаҿы раагара хымҧада иарахны ишыҟоу.

Николаи Аркади-иҧа иара иусзуҩцәеи астатикеи адсорбциа адинамикеи адсорбциа адинамикеи ртеориатән рексперименталтәи еилкаарақуа анаукатәи апрактикатән ҵак ду рымоуп. Абарҭ аилкаарақуа азеиҧш шьҭақуеи адсорбциатә технологиеи рыҟаҵара иацхрааит.
Аџьыиџььтәылатә еибашьра дуӡӡа ашықусқуа раан, Николаи Аркади-иҧа иенергиа зегьы, иҧышәа, идырра зегьы адиҵауан атәылахьчаразы аҵак ду змаз ахимиатә аарыхра аиҿкаара. Аҟуа ақалақь аҟны еиҿикааит авигамин хушәқуа рҭыжьра Амшынеиқатә флоти Аахыҵ-Кавказтәи афронт агоспитальқуеи рҭахрақуа рхарҭәааразы, иара убас енҿикаант аеролакқуен афилтрқуеи рҭыжьра. Абарҭ иусумҭакуа рзы Николаи Аркади-иҧа ҳамҭакуас иҭан «Кавказ ахьчаразы» амедали афатәтә ааглыхра Анаркомат Аҳаҭыртә грамотеи.

Н. А. Измаилов желар рынхамҩазы нааӡеит шәҩыла ирацәаҩны аспециалистцәа ҿарацәа. Абзиабареи хаҭала аиҿкааратә лшареи имаз рыла, уи анаукатә усзуҩцәа ҽарацәа арӡҭқуа рҟазшьа аилкаара иалеигалауан. Николаи Аркади-иҧа аус ицызуаз аӡәырҩы, уажәы дара рхала анаукатә усуракуа мҩаҧыргауеит. Николаи Аркади-иҧа инапхгарала инагӡоуп акандидаттә диссертациакуа ҩбеи.

Н. А. Измаилов инапы иҵиххьеит икьыҧхьыу аусумҭақуа 260.

Н. А. Измаилов ауаажәларратә усура ду мҩаҧигауан. 1948 шькуса иаркны 1953 шықусанӡа Харковтәи аҳәынҭқарратә университет аҵаратәи анаукагәи усуразы проректоре дыҟан. Уи акыраамҭа хантәаҩыс даман Д. И. Менделеев ихьӡ зхыу ВХО Харковтәи аҟуша афизикатә химиа асекциа.

Николаи Аркади-иҧа aкыр анаукатә советқуа дырчленын, астандартҟаҵара ачленс дыҟан.

Николаи Аркади-иҧа аус ахьиуазаалакгьы, иарбан усс инеигӡауазаалакгьы, уи еснагь ламысла аус нуан, аинициативен апринципреи ааирҧшуан, ажелари 1948 шықуса аахыс иара дызлаз апартиеи рҧа иашаҵәҟьа иакуны дыҟан.

1957 шықусазы уи далхын УССР Анаукуа ракадемиа ачлен-корреспондентс. Николаи Аркади-иҧа ҳамҭас иҭоуп Ацьа Абираҟ ҟаҧшь аорден, Асовет Еидгыла иреиҳаӡоу аорден — Ленин иорден.

Н. А. Измаилов иҧсҭазаара далҵит 1961 шықәсазы.


    

    

No comments: